"Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ҳаҭыр зқәу Аҟәа ауааԥсыра!
Гәыкала ишәыдысныҳәалоит ҳаҳҭнықалақь ахақәиҭтәра Амш ныҳәа! Ари амш наунагӡа ҳажәлар ргәалашәараҿы иаанхоит, Аԥсны аҭоурых аҿы акыр зҵазкуа арыцхәқәа ируакны. Ари амш, Аҟәа — ҳаԥсадгьыл агәы — ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы ианақәиҭхаз мшуп. Ҳахьчаҩцәа зеиԥшыҟам агәымшәареи, ахамеигӡареи, рфырхаҵареи иаадырԥшыз иабзоураны иахьа ари аныҳәа ҳаԥылоит. Ҳара рҿаԥхьа ҳхырхәоит, хашҭра рықәым ҳаԥсадгьыл ахьчаразы зхы ақәызҵаз афырхацәа. Зхы иамеигӡаз ҳаԥсадгьыл аҿы хақәиҭрала ҳанхаларц, ҳхатәы бызшәала ҳцәажәаларц, ҭынч жәҩан аҵаҟа ҳхәыҷқәа ҳааӡарц, ирызҳарц. Аҟәа мацара акәым, ҳтәыла зегьы ахьчаразы иҭахаз рыхьӡқәа наунагӡа ҳажәлар рҭоурых аҿы иаанхоит, ҳара иаҳуалԥшьоуп уи агәалашәара, аиқәырхара, ҳхәыҷқәеи ҳмоҭацәеи рызнагара, рфырхаҵара ахаангьы хашҭра ақәым. Урҭ еиуеиԥшым ақәрақәеи азанааҭқәеи змаз ауаа ракәын, аха еидызкылоз цәаныррак акәын: рыԥсадгьыл ахь абзиабара. Урҭ афронт аҿы иаадырԥшыз аӷәӷәареи, агәымшәареи ахақәиҭраҿы Аиааира ҳнаргеит.
Ҳаҭыр зқәу Аҟәа ауааԥсыра! Гәык-ԥсыкала абзиарақәа шәзеиӷьасшьоит, аизҳазыӷьара, агәабзиара, агәырӷьара, шәҭаацәарақәа рҿы аҭынчреи аҳәоуеиқәшәареи. Ҩнаҭацыԥхьаӡа аԥхарреи агәҭынчреи аҳра роуааит, ахәыҷқәа гәырӷьарыла ирызҳалааит, бзиа иаҳбо ҳақалақь еснагь аҭынч жәҩан ахалашалааит. Ишәыдысныҳәалоит!

